text
stringlengths
0
400
Сааҭкгьы иман?
Дара рхала!
Уҽы ихьчалап, уҽышькыл ааникылап, уаҳа ак илымшаргьы, ҳәа Аҳ дазыразхеит.
Мадинагьы уи игәалаҟара даԥықәсылар лҭахымхеит.
Шықәсык ҵаанӡа, абраҟа, сгәаҵаҿы лара лзыҳәан бзиабарала иахьҭәышаз, иккаӡа ишҭацәыз збеит.
Ҳанбаԥхьо?
Уи ахӡаргара зламыз, аиашара злаз, згәы аартыз уаҩын.
Аҳаблаҿы аҷкәынцәа ыҟоуп, ирыхьзеи, изаанхаз напызаҵәык ала адгьыл акәкәаҳәа дацрыхоит, изицымхраауазеи, аибашьраан дзықәшәаз арыцҳара абас ирласны ирхашҭыма ҳәа дрызгәааит.
Игон адәахьы, аказакцәа ирзеилымкаауаз абжьы.
Рнаршә уҳәеит ҳәа ишԥахиоз.
Аҳ Аҳмуҭбеи, дара дышруазгьы, урҭ еинираалом, еиҟәикуам, ацәгьа зузгьы иқәнага дақәиршәом.
Аха убри аҷкәынгьы далаԥшыртә дахьӡеит Асовет мчра шьақәгылаанӡатәи анхацәа рыԥсҭазаара ахьанҭарақәа.
Уи рыԥсахырц иаҿуижьҭеи шаҟа ҵуа удыруоу уара, Лаврент?
Баша ԥсшьарала аамҭа ас игахьазма.
Хәыраӡа.
Шәара шәҟны саҭамзааит, аха
Ажәҵыс ус аҳәеит
Нас Аҟәа аԥсуаа нымхаӡои?
Аҭак ныҟаиҵеит Баҭыршаҳ.
Чагә ихы анҩышьҭих, уи иблацәа еиқәыԥсан.
Кыраамҭа ианықәха амҩа иашәеит, аиаша ҭынхадахеит даара
Ашьанҵеиԥш уи амца алҵуеит, ахьаҵкысгьы ихьанҭоуп, раԥхьаӡа игәаҿы игәарҵуеит, гәыла ирԥхоуп, уи гәыла ирҭәоуп!
Илшоз ала иԥсадгьыл ахыхәыцк алимыршәеит.
Ҳабдуцәа анааи ақыҭа ҭацәын, иқәынхоз маҷӡан.
Аиашазы, иџьасшьоит, ацгәы хҵәаны алыӷәра иқәлеит ҳәа, ԥсшьара абрахь уахьааз.
Аԥсуаа зегьы ҳаиԥымхаразы Анцәа ду даҳхылаԥшааит!
Саби сани Нора Ҭаркьыл-ԥҳаи Сергеи Малиеи рыԥсҭазаара ианалҵ ашьҭахь, Гагратәи сынхара ҭины саауеит саб игәараҭахь Аацыҟа.
Урҭ рыҩқәа здыруеит сара.
Адунеи аҿы даара ирацәоуп ахьыԥшымра ашьақәыргыларазы акыр аџьа збаз атәыла маҷқәа.
Сырбеи абалкон аҿы днеин, аԥсҭа иҭҟьоз аԥша хьшәашәа агәхьаа мкыкәа, кьаҿ заҵәы дықәгылан.
Атыҟҳәа иаасгәалашәеит ателефон.
Дара аӡбырҭа иҩнамлеит ихәымгамхарц, аха Амшаԥ рфаразы.
Уи аԥсуа жәеинраала иаҵоу ахаара, иаҟәну ацәа ҟәымшәышә агәыбылра рҟнытә ргәаҿы инеиртә, аԥхара бзанҵы ирхамышҭуа идирҳаит, иазирӡырҩит Ҭырқәтәыла ақыҭақәеи ақалакькәеи рҿы инхоз ҳџьынџьуаа.
Иалукаауеит, насгьы изҳәауа, ирнаало иаабоит абарҭ реиԥш иҟоу ажәақәа, ажәаҳәахьақәа, ажәаԥҟақәа, иаҳҳәап
Сара сџьазшьаз аҽа-ԥа Џьамхәыхә дыжәбар егьа дџьашәшьарын ҳәа.
Кавказ иқәнхо иреӷьу милаҭуп ақырҭқәа.
Лыбжьы еиҭаналыргеит зегь реиҳа зыжәҩахыр адҵаны аҵла зкыз Ада.
Амала ҳаӷахәу уи илаԥш дакааит.
Ашьи-ашьи еиқәҵо, ԥшьшьала, акыр иазааигәахеит иара.
Лхаҭагьы уаанӡа ахаҵа дышлымаз, даҽаӡәы дшитәыз лхаршҭны, Абзагә дахылбаауан, лара лҟынӡа даҽа ԥҳәыск, лара леиԥш диқәиҭны, лара леиԥш, схаҵа ҳәа иалҳәо дахьыҟаз.
Дауҭ хәыҷи иареиу?
Аԥыжәҩа чымзароуп, ма ишәымзароуп.
Нас ҷкәынцәақәак алаф илхуа дынҽыжәырҵеит.
Акыр санынаскьа, сыԥсы сшьар цәгьа исымбауа салагеит.
Исыдуныҳәаларц унеиаанӡа, инаушьҭыз рнапала зегь рхианы иҟан
Ибдырхуеит, бызҵаауеи.
Ари азҵаара еснагь ҭыԥ ҳамҭо иҳашьҭоуп.
Уажәы аԥхьаҩцәа иҳацеҩҩыртоиҭ иеиԥаҳҳәақәаз.
Иаргьы, дааурышьҭын, ахәыҷы дцеит ҳәа ахьысҳәаз ахь дхарахаԥшуа иҿынеихеит
Аха урышьҭаз ихаразаргь, ҵыси ҳәыҳәи ираԥганы.
Аԥышәара здызкылоз ҩыџьа иаԥсуамыз аҳәсақәа ракәын.
Сара сзоуп изыҟалҵаз
Ааи, ааи, ҵабыргны исҳәоит, адунеи азна аҟоуп, — иҳәеит.
Ашәҟәыҩҩы ихы иаирхәо афольклортә маҭәахәы қәҵагаӡам, хырҷагаӡам, аҩымҭа асиужет иалаӡҩоуп.
Урҭ, уажәы рҿы иадмырҳәазаргьы, заманалаҵәҟьа еилыркаауан аԥсҭазаараҿ мчыс иааҟоу зегьы ирыцку аилаҵәара шакәу.
Ахьӡ азы мацара ахҭархара хаҵарам, насгьы аҳ ихьӡ заҵәык азын рхы зҭадырхари аибашьраз еизганы иумоу ахацәа?
Сасрыҟәа иан Саҭанеи Гәашьа иажәа ааҩбамтәкәа, абӷьааҳәа аӡәы длырҩит Сасрыҟәа иҽы кәадырны изааигарц.
Аас қәасабзаргьы еикәаҳәеикәаԥса, Даади, даади, ҳоу!
Иара раԥхьатәи азҵаара аҭак ҟаиҵаанӡа, уи агаҿынтә дшааз аҟара заҳахьаз, издыруаз аӡәы диазҵааит.
Ажәлар, шәӡырҩы!
Аԥсуа бызшәа иунарбо раԥхьатәи ашарақәа, насгьы убарҭ раамҭа
Уаха шәахьнеиуа акыҭа аҳәсахәыҷқәа шәыҵашьыцуа егьа шәеибадырбап.
Еилкаам уи ажәра уахьымӡоу уахьӡоу!
Ҳара ҳҿы аинститут акәым, арахә рхы назҵаркшаз хыбрак ҽеины ирызмыргылеит, игылазгьы, жәаха абӷа асы лақәыӷәӷәан, иҭаԥҵәаны илеиланажьит.
Уажәы лара дзызхәыцуаз, лыҷкәын заҵәы дылгәыдкыланы дшылааӡаз акәын.
Шаҟа гәаҟашәа уҳәахьоузеи Угәах амца ацраҵо, Шаҟа лабжыш уҿаҵәахьоузеи, Уара угәы рыӷәӷәо!
Уаҵәы асааҭ аказы академиаҿы унеи, уаҟа сузыԥшуп, Плеханов имҩаду аномер жәаба ҳәагьы, нацҵаны дызласацәажәоз аҭел атрубка нықәиҵеит.
Уаҳа акы шԥаилымшара.
Дара адуцәа рхаҭақәа, заҵа егьырҭ ажәа бзиақәа ирыларымҵарыз, ргәынамӡарақәа злаадырԥшуа, рқьышә иқәҵаны ирҳәо, ажәақәа ирыладырӡхьан.
Абар уажәшьҭа мызкы инеиҳан еибамбеижьҭеи.
Амилаҭрымцахәанмыцәаша нас ами, ауаҩытәыҩса инасыԥжәҩан иҿумыршәан.
Абри аганахьала Алоу дконсерваторуп уҳәартә дыҟоуп.
Аукраин ҩызцәа змоу аԥсуаа реидкылара иаҿуп.
Адашьма убас ацәа ахылхуеит
Аруҭан иҟынтәи даныхынҳәгьы, дназлаԥшыз ҭахак инаҭомызт.
Аиҿахысра иазҟазаз ауаа ари аҩыза аҭагылазаашьа иаразнак еилыркаауан.
Аԥсынтәыла самалоит.
Асқәа рҳәара иаҟәыҵыр ҟаларын, ма хәыҷык идыр кәадар, ачымазаҩ Алиас дыбзиахар, дгылар, аха ачы мазаҩ лассы дзымгылеит, убри аҟнытә шаҟа икәадам харыз, иаҳа инацҵаны ирҳәо иалагеит.
Урҭ реилазаараҿы иҟоуп арҿиара зхы азцо, анаука интересс измоу, алҵшәа бзиақәа аазырԥшуа.
Ус дышнеиуаз данынаԥш, аӡә иабџьар иазқәынҵан, лашәарыцакгьы ицуп, дыҿҟьа-ҿҟьо дааиуеит.
Нас ԥыҭраамҭак иҳарҭа-сырҭа ыҟамызт.
Ареволиуциа аныҳәа ҳамоуп.
Иидыруазеи агаӡажә
Асулҭан дуӡӡа, ҳзыҳәа дразуп, аӡәгьы иҳәашам ҳа уаҟа ҳсасуп.
Макьана аҩбагьы хырҳагамзар ԥырхага рылам ҳәа иԥхьаӡан
Сызхьынҳалаз абацеи, мшәа, исыцмеи, иақәтәан идәықәлада сҽыхәа?
Ҳәаакгьы амамыз џьысшьон, сгәаҵаҿ иҿымцәаауа кәицуп
Ибырхахьома, ибырхахьома, ибырхахьома ба быҵкы?!
Амшә иауан ахантәаҩра.
Амцхә напыла аусура ауаҩы дшыхәыҷыз дафон.
Сара избон уи аамҭа шицәызгоз, лассы сиԥырҵит.
Абарҭ ҳархыкәшаны ҳазрывсыр, нас уаҳа уаҩы ҳимбаӡакәа сынхарҭа ҭыԥ ахь ҭынч ҳнеиуан.
Аҿа ҵысит, уи сымроуп изааӡа, адгьыл афҩы саҳауеит ихааӡа.
Уи иалоуп еиуеиԥшым аполитикатә мчрақәа рхаҭарнакцәа.
Уи аҭҵаамҭа аналитикатә шьаҭа хазырҭәаауа, изырӷәӷәо ҭагылазаашьоуп.
Лнапсыргәыҵа дықәыҭәҳәоит.
Ауаҩы аԥсҭазаара бзиа анимоу
Амаҭәартә ҵакы зызкыз ашьаҭа иаиуа иалагеит ахьӡтә категориақәа аазырԥшуа аформантқәа, арҿиаратә ҵакы зызкыз ашьаҭа аҟаҵарбатә категориақәа аазырԥшуа аформантқәа.
Иԥхьатәиқәаны иԥхьаӡазар ҟалоит иеицырзеиԥшу ашьаҭақәа змоу астатикатәи адинамикатәи ҟаҵарбақәагьы.
Ушнылшәаз уҟоуп ашара амышәкәан, уан дузгәаҟуеит, дцоит укәырбан